Арадио

Ҷкотуа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа аҵак ду рыманы дызрыхәаԥшуа

Ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара аҭыԥантәи алхрақәа азҿлымҳара бзиа зрыҭатәу, насгьы уахь иалырхуа адепутатцәа иаҳа амч рыҭара аҭахны изиԥхьаӡо.
Sputnik

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысуан мшаԥы 11 рзы.

Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рыман 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуан 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

Ҷкотуа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа аҵак ду рыманы дызрыхәаԥшуа

"Аҭыԥантәи алхрақәа Жәлар Реизара ралхрақәа ируасхыршәа избоит. Аҿар аҭыԥантәи алхрақәа рыла ашьшьыҳәа рҽазыҟарҵоит, асистема еилыркаауеит, аусушьа еилыркаауеит, ажәлар рхьаақәа рыӡбашьа амҩақәа иаҳа еиӷьны, иагәылаланы еилыркаауеит, нас, ашьшьыҳәа аҳәынҭқарра аҩаӡарахь ахалара иалагоит. Уи азы сара аҵак ду рысҭоит аҭыԥантәи алхрақәа, насгьы аҭыԥантәи адепутатцәа рҭыԥ даара азҿлымҳара асҭоит, ус баша алхроуп, краанагаӡом ҳәа сахәаԥшӡом, даара аҵак дуӡӡа амоуп, аҳәынҭқарра уасхыршәа сазнеиуеит. Амч рыҭатәуп адепутатцәа. Иаҳа рхы иақәиҭзароуп, еиҳа раагарҭақәа абиуџьеҭ аганахьала иҭбаазароуп. Ажәлар рымаҵ уур уҭахызар, ақалақь амаҵ уур уҭахызар, уи иалзыршо алшрақәагьы умазароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷкотуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: