Аслан Цкәуа аҩнытә баандаҩра аҟынтә ихы дақәиҭтәуп

Аслан Цкәуа ахара ихарарҵоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, змаҵзуратә напынҵақәа зымчра иахызыҳәҳәаз ахаҿқәа дрыцхраауан ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аслан Цкәыуа аҩнытә баандаҩраҟынтә ихы дақәиҭнатәит Апрокуратура хада азыҳәа мап ацәкны. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Георги Воуба иҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацырҵеит

Ареспубликатә хәышәтәырҭа уаанӡатәи аусзуҩ Аслан Цкәуа ахара ихарарҵоит, Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахьала ашьаусмҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, змаҵзуратә напынҵақәа зымчра иахызыҳәҳәаз ахаҿқәа дрыцхраауан ҳәа. Ахарадҵаратә ган агәаанагарала Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит. Урҭ рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы.

2019 шықәса лаҵара 3 рзы Цкәыуа хатәнаплакҩык иҳасаб ала амедицинатә усмҩаԥгаразы алицензиа иҭан. Уи ашьҭахь Гәыргәылиеи иареи амаҵзурақәа рзы аилаӡара рыбжьарҵеит. Ареспубликатә хәышәтәырҭа хыдҵаны иагеит алаборатортә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара.

Апрокуратура хада аинформациала, ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа 2019 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2020 шықәса ажьырныҳәа 21 аҟынӡа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзурақәа рзымҩаԥгаразы ахә ахыршәаар акәын. Аҳәынҭқарратә харадҵа иажәақәа рыла ахәышәтәырҭеи иара аусзуҩцәеи рыхьӡ ларҟәын, алобараториатә маругақәа амортизациа рызуын миллионки 390 нызқьмааҭ рыхәала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: