Индиа урыстәылатәи алаҵа аимпорт мҩаԥнагоит

Нанҳәамзазы Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа. Алаҵа аԥырҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны. Алаҵа хьӡыс иарҭеит "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Индиа азин ҟанаҵеит афармацевттә еилахәыра Dr. Reddy's Laboratories Ltd. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аимпорт мҩаԥнагаларц ҳәа анацҳауеит РИА Новости.

Аилахәыра ари азин аиуит Индиа ахәшәқәа рхылаԥшразы Аусбарҭа хада аҟынтәи.

Аԥсны урыстәылатәи алаҵа акоммерциатә партиа ҿанаҵар алшоит

Алаҵа "Спутник V" аԥҵоуп иҭҵаау, игәаҭоу ауаҩԥсы иаденовирустә вектор аплатформала. Иара аԥыжәара арҭоит ашәарҭадара, хра аманы аҟазаара, акраамҭатәи ахҟьаԥҟьақәа рыҟамзаара.

"Агәахәара ду ҳнаҭоит "Спутник V" Индиа ахархәара аиура ахьалыршахо. Индиа ачымазара акыр аҽарҭбааны иахьыҟоу азы иаҿаԥызҽуаны ишьо алаҵаҟаҵароуп. Ари аус аҭыԥ ақәҵара – ауааԥсыра рлаҵаҟаҵараҿ ҳара ҳлагалагьы аҭыԥ аиуеит", - иҳәеит Dr. Reddy's ацхантәаҩ, адиректор Г. В. Прасад.

Индиа, урыстәылатәи алаҵа адагьы ахы ианархәоит AstraZeneca "оксфордтәи" авариант –Covieshield захьӡу, иара убасгьы аҭыԥантәи алаҵа Covaxin.

Алаҵа "Спутник V" 60 тәыла, зуааԥсыра 1,5 миллиард иҟоу рҟны иазхаҵоуп. Алаҵа ашәарҭадареи хра аманы аҟазаареи 91,6% ишынаӡо атәы шьақәнарӷәӷәоит амедицинатә журнал The Lancet ианыз акьыԥхьымҭаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: