Аԥсны урыстәылатәи алаҵа акоммерциатә партиа ҿанаҵар алшоит

© Foto / Пресс-служба Госкорпорации Ростех / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство препарата "Ковид-глобулин" на основе плазмы крови переболевших COVID-19
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны хәыжәкырамза анҵәамҭаз иазыԥшын урыстәылантәи алаҵа аиура, аха алаҵа макьаназы имаацт.

АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи алаҵа акоммерциатә партиа ҿанаҵар алшоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал.

Иара иажәақәа рыла Агәабзиарахьчара аминистрра абҵарамзазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистррахь аҳәара ҟанаҵеит алаҵа Аԥсныҟа иаарышьҭырц. Ари аҩыза аҳәара ҟарҵахьеит Аԥсны Апарламенти Аԥсны ахадеи, аха макьаназы алаҵа ареспубликахь иаашьҭым.

Шықәсынаҟьак ашәарҭара: Аԥсны акоронавирустә ԥкрақәа раамҭазы - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Шықәсынаҟьак ашәарҭара: Аԥсны акоронавирустә ԥкрақәа раамҭазы

Адепутат игәаанагарала Урыстәыла раԥхьа иргыланы иара арегионқәа лаҵала еиқәнаршәароуп. Убри аан Аԥсны алаҵа аара ишазыԥшу аамҭа ацәцоит.

"Атуристтә сезон ааиуеит. Аԥсныҟа иаауа рацәаҩхоит. Сгәы иаанагоит атуристцәа раара иадҳәалахоит ҳәа ачымазара аизҳарагьы", - иҳәоит иара.

Џьынџьал иажәақәа рыла алаҵа раԥхьа иргыланы иззыҟаҵахо амедусзуҩцәа, азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҵаратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ракәхоит, урҭ еиҳа ишәарҭоу гәыԥны ишьаны. Алаҵа изҭаху иоуп иҟазҵо.

Апарламент адепутат игәаанагарала ачымазара алаҵәара уацәшәартә ишыҟамгьы ауаа аԥкырақәа рықәныҟәара иахьаҟәыҵыз, дара ахьырԥсыҽуи аҵаратә процесс иахьалагази ирхырҟьаны агәкаршәра аҭахым.

"Ашықәс нҵәаанӡа еиӷьхара дук ҟамлар ҟалап. Алаҵа анҳауа ҳаздырам, уи адагьы заҟаҩы иҟарҵо ҳаздырам", - иҳәеит иара.

Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аҳәамҭа ҟалҵеит алаҵа Аԥсныҟа хәажәкырамзазы иааргоит ҳәа. Лара лажәақәа рыла Урыстәыла уажәы ахархәара змоу "Спутник V" ма "Эпиваккорона" роуп. Аԥсныҟа иаарышьҭран иҟоу макьана еилкаам.

Ажәабжьқәа зегьы
0