Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа дшыбаандаҩыц даанхоит

Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә еизара Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иахьацнаҵаз азы ахьчаратә ган Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инанашьҭыз ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭымхеит.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахра Аҩӡба иаанкылара ахашшаара иахәаԥшуаз аӡбаҩ мап ицәнакит

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы – мшаԥы 5 рҟынӡа ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Мшаԥы 1 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара аҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Убри аан аус аҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.

Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.