АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 187-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 46-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аҿкычымазара зыдбалоу уаҩ дышьҭаӡам.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>