Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа Смецкои дыргәаладыршәеит

Ауснагӡатә мҩаԥган "Амеценати агәыҳаларамҩаԥгаҩи Рымш" инақәыршәаны Аҟәатәи адендропарк аҵакыраҿы. Ароуп дахьынхоз Смецкоигьы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. 19 еиҿкаара еидызкыло Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә Еидгыла алахәылацәеи анапхгаҩцәеи аурыс меценат, адендролога, Аҟәатәи адендропарк аԥҵаҩы, арыԥҳачымазара змоу рзы аԥснытәи асанаториақәа реиҿкааҩ Николаи Смецкои дыргәаладыршәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә Еидгыла апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа реиҿкаарақәа Смецкои дыргәаладыршәеит

Аидгыла алахәылацәа Смецкои ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит,аекскурсиа маҷ мҩаԥыргеит.

Аҿартә еиҿкаара "Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рассоциациа "Аԥсны аурыс уаԥшь " анапхгара аиҳабы Станислав Осыкин иажәақәа рыла  Смецкои раԥхьатәи амеценатцәа дреиуоуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аурыс ҩны" ахантәаҩы Наталиа Семенова иазгәалҭеит Смецкои ҿырԥшыганы дыҟоуп  амеценат ҳәа изышьҭо рзы ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: