Озган анапынҵа ҟалҵеит Гәымсҭа аӡиас ацҳа ахҵаразы апроект аус адыруларц

Гәымсҭа аӡиас ацҳа ахҵаразы апроект Инвестпрограмма 2015 – 2017 иаларкын. Аобиект астатус иахьанӡагьы апроектҟаҵара аԥхьанатәтәи аҭагылазаашьаҿы иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Ажәытә цҳа ареконструкциа азуреи Гәымсҭа аӡиас ацҳа ахҵареи рызҵаарақәа иалацәажәан Аԥсны аекономика аминистрраҿы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Бедиа ду ақыҭаҿы ацҳаи уакәшаны узланеиуа амҩеи ҟарҵараны иҟоуп

Аиԥылара иалахәын аекономика аминистр Кристина Озган, Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба, анардадатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, урыстәылатәи апроекттә еиҿкаара ахаҭарнакцәа.

Аиԥылара ашьҭахь аекономика аминистр Кристина Озган ажәалагала ҟалҵеит "Амаршрут амҩасраз апроекттә ӡбара хадақәа рконцепциа" шьақәдырӷәӷәарц ишьақәыргылоу аԥҟарала. Уи аконцепциа ашьаҭала иҟоу ацҳа атехникатә ҭҵаара амҩаԥгареи апроект-сметатә документациа аус адулареи ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥгахароуп.

Лара лгәаанагарала уажәы аӡиас иху ацҳа уаанӡатәи архитектура-конструктивтә ӡбара иақәшәом. Апроект амҩаԥгара аруадаҩуеит ацҳа атехникатә ҭагылазаашьаз алкаақәа ахьыҟам.

"Акыр шықәса ҵуеит апроблема ӡбамижьҭеи. Уи аӡбра хымԥадатәиуп. Апроект астратегиатә ҵакы азгәаҭаны ҳара иаҳуалу аус аӡброуп. Ауснагӡатә Аинвестициатә программа 2020 – 2022 иатәуп. Ҳаргьы иара ианаамҭоу азы хаҭабзиарала анагӡара ҳуалуп", - лҳәеит Озган.

Озган Афон ҿыц адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы анапынҵа ҟалҵеит

2016 шықәса цәыббрамзазы Аҳәынҭеилакы "Аԥсныргылара" аҳәынҭҿаҵа анагӡаҩыси нардадаҩыси иқәгылан  анџьныртә усурақәа рымҩаԥгареи апроект азы апроект-сметатә документациа аус адулареи рзы аилаӡара бжьаҵаны.

Аиҿкаара иазшәан азаахә ҳәа 7,2 миллион мааҭ, уи нас апроекттә еиҿкаара аԥхьаӡамҭахь ииаган.

Аекономика аминистрра апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала 2021 шықәсазы апроект "Гәымсҭа аӡиас ацҳа ҿыц ахҵара" апроект-сметатә документациа амамызт. Уи адагьы уаанӡа имҩаԥгаз анџьныр-геологиатә, агеодезиатә, агидрометеорологиатә, аекологиатә ҭҵаарақәа раамҭа ахьцахьо азы рхархәара ҟалом, еиҭарҿыцтәуп.

Кристина Озган иазгәалҭеит азакәанԥҵара инақәыршәаны усурак азы азаахә ашәара азин ыҟам.