Очамчыреи Гагреи ПЦР-лабораториа ҿыцқәа аусура иазыхиоуп

Ареспублика асанитартә ҳақьым хада аԥыза-министр илырдырит Аԥсны ақалақьқәа ҩба рҿы ПЦР-лабораториақәа русура шазырхио.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиуюдмила Скорик. Аиԥылараҿ иалацәажәан ПЦР-лабораториа ҿыцқәа Очамчыреи Гагреи раартра азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

370 миллион мааҭ инеиҳаны акоронавирус иақәдырӡит Аԥсны шықәсык аҩныҵҟа

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла Агәабзиарахьчара аминистрра 11 миллион мааҭ рыхә иахәҭоу ахархәагақәа аанахәеит. Атехника аиҳарак ареспублика асанитар-епидемиологиатә маҵзурахьы инашьҭуп.

Скорик еиҭалҳәеит Очамчыра атехника ақәыргыларазы ахыбра шазырхио, аҳҭнықалақьтә лабораториаҟынтә ҩыџьа аҟазауаа уахь ишынашьҭхо ацхырааразы.

Алабораториақәа мчхарала еиҟароуп, дасу ирылшоит 250 анализ уахыки-ҽнаки рыла аҟаҵара.

Очамчыратәи алабораториа лаҵарамза алагамҭазы аусура иаларгахоит, гагратәи ПЦР-лабораториа – лаҵарамза анҵәамҭазы.

Атәылаҿ асанитар-епидемиологиатә ҭагылазашьа далацәажәо Скорик иазгәалҭеит ачымазара ахы шышьҭнахыз.

Иҟоуп ашәарҭа апандемиа аҩбатәи ацәқәырԥа цәырҵуеит ҳәа лҳәеит аҳақьым.

Скорик ауааԥсыра ааԥхьара рылҭеит аԥкырақәеи абжьгарақәеи ирықәныҟәаларц.