Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла алалараз аԥҟара ҿыцқәа рзы Роспотребнадзор иазҵааит

Аԥсныҟа ааразы мшаԥы 15 рзы аекскурсиатә турқәа аазхәаз атуристцәа жәпаҩык урҭ мап рцәыркит Урыстәылаҟа рыхынҳәра аԥҟарақәа рырӷәӷәаразы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла алалараз аԥҟара ҿыцқәа инарымаданы Роспотребнадзор ахь азыҳәа нанашьҭит урҭ аԥҟарақәа иныҭкааны аилкаара рзыҟарҵарц, урҭ Аԥсны атәылауаа рыҵаркуоу ирыҵарымкуоу ддырдырырц ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Роспотребнадзор Урыстәылаҟа ртәылауаа рыхынҳәра аԥҟарақәа арӷәӷәеит

Уаанӡа Роспотребнадзор аԥҟарақәа аларгалоит аҳәаанырцәынтә иарбанзаалак атранспортхкала ихынҳәуа урыстәылаа зегьы рзы. Уаанӡа атестқәа азҭараны иҟаз аҳаирплан ала ихынҳәуаз заҵәык ракәын. Мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәароуп.

Аԥсныҟа ааразы мшаԥы 15 рзы аекскурсиатә турқәа аазхәаз атуристцәа жәпаҩык урҭ мап рцәыркит Урыстәылаҟа рыхынҳәра аԥҟарақәа рырӷәӷәаразы. Атуроператорцәа ирҳәоит Аԥсныҟа атурқәа раахәара шкаҳаз. Убри аан ахылаԥшратә усбарҭаҿы иазгәарҭоит Аԥсны азы аилкаара-цҵақәа шымҩаԥгахо. Sputnik аинформациала уажәы уа аилацәажәара мҩаԥысуеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Роспотребнадзор аҟынтәи аофициалтә ҭак шроулак АИХқәа рыла ишаладырҵәо.