Аԥсны 50-ҩык инареиҳаны акоронавирус рыхьит рҳәеит аоперштаб аҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13845-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13305-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 218-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 258-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 52-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 47-ҩык, урҭ рахьтә 38-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 29-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>