АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы аинвестициақәа радԥхьалара шалшашазы азҵаара иалацәажәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Аминистрра аекономикаҿы абри азҵаара аӡбаразы азинмчы змоу аусбарҭа – Аинвестагентра ауп, аха аҵыхәтәантәи аамҭақәа иаҳдырбеит уи шазымхо. Аусутә гәыԥ алахәылацәақәак ажәалагалақәа ҟарҵеит абри азҵаара хықәкыла аус адызуло корпорациақәак аԥҵазарц. Аха араҟагьы аусура амеханизмқәа ирызхәыцтәуп, иаԥсоу иаԥсаму даҽа еиҿкаарак аԥҵара ҳәа, мамзаргьы аҳәынҭқарратә еиҿкаара аусура рӷәӷәатәума ҳәа", - иҳәеит Гәынба.
Гәынба иазгәеиҭеит аусутә гәыԥ шаԥҵаз 2021 шықәса хәажәкырамзазы. Уи аахыс иара ҩ-еилатәарак мҩаԥнагахьеит. Излацәажәо атемақәа иреиуоуп ашәахтәшәаратәи абанктәи системақәа ареформақәа рзура, аинвестициақәа радԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, акапитал ахьчара. Аилатәарақәа зегьы арҭ азҵаарақәа акакала рылацәажәара иазыркуеит.
"Аусутә гәыԥ аусура аихшьалақәа рыла ҳара иҳәаақәаҳҵоит ахырхарҭа хадақәа, уаанӡа иҳадаҳкылахьаз апрограмма "25 шьаҿа", "Аԥсны аҿиара Аконцепциа" уҳәа егьырҭгьы азхьаԥшра рыҭаны. Абри ашьҭахь атәыла ахада иахь аҳәара ҟаҳҵоит Аминистрцәа реилазаара арҭ ажәалагалақәа рынагӡара нап анаркырц адиҵарц", - ҳәа иҳәеит Гәынба, иагьациҵеит 2021 шықәса ҭагаланынӡа абарҭ аусқәа рыҟаҵара шрыгәҭаку.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхантәаҩыс дыҟоу аекономикатә политика аԥыжәаратә хырхарҭақәа рҳәаақәҵаразы аусутә гәыԥ иалахәуп Аекономика аминистрра, ахада Иусбарҭаҿы аекономика аусбарҭа русзуҩцәа, аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бжьаниа Тамшь атуробиект агәаҭараан: аинвесторцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥаҳҵоит
Шьалашьаа аекономика иазку аусутә гәыԥ азы: уажәшьҭа иаҳҳәо нагӡахоит ҳәа сгәыӷуеит