АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны мшаԥымза аҩбатәи ахәҭаҿы аҳауа еиҿнакаауеит аҩада-мрагыларатәи антициклон аладатәи ихьҭоу ахәҭеиԥш аладатәи иԥхарроу ациклонгьы. Арҭ реиҿагылара иахҟьоит аҳауатә қәыӷәӷәареи ахьшәашәара-аԥхарреи. Абри атәы аанацҳауеит аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭеилакы агидрометеорологиа аҟәша.
Иазыԥшуп иара убасгьы аамҭа-аамҭалатәи ақәоура, ҭыԥқәак рҟны ақәаршҩы ахь ииасуа, адыд-мацәыс зцу. Аха мшқәак раан аладатәи аԥхарра аҳауа +19°С - +24°С рҟынӡа ихалоит.
Атмосфератә қәыӷәӷәарагьы ҭышәынтәаланы иҟам.
Аԥшасра секундк ала 2-7 метра инеиуеит, мышқәак рзы ҭыԥқәак рҟны 10 - 15 метра иҟалар алшоит.
Уахынлатәи аҳауа +10°С - +15°С, ҽынлатәи +14°С - +19°С иҟалоит.
Амшынӡ аԥхарра 11°С - 12°С иҟоуп.
Амшынцәқәырԥара – 1-3 балл.
Аҳауатә цәаакыра 60-90%.