АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 238-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 44-ҩык, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа апациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>