Назаров Урыстәыла алаларазы иаларгалаз антиковидтә ԥкрақәа ахҳәаа риҭеит

Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы иркьыԥхьроуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров ахҳәаа аиҭеит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа урыстәылаа рзы Роспотребнадзор иаланагалаз антиковидтә ԥҟарақәа.

Роспотрбенадзор иаднакылаз ақәҵара Аԥсны ауааԥсыра агәҭынчымра рызнарҵысит акурорттә сезон еиԥҟьоит ҳәа ацәшәара роуны. Аминистрцәа реилазаара аҭагылазаашьа деилнаркааит, аԥкырақәа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуа аҵанакӡом ҳәа раҳәаны.

"Сара сазыхиам макьаназ аԥҟарақәа рҿы Аԥсны аганахьала аԥсыҽрақәа ыҟоу иҟаму ртәы аҳәара. Ари азҵаара алацәажәара мҩаԥысуеит. Макьаназы адокумент шыҟац иҟоуп. Ҷыдала алкра ыҟаны исыздырам", - ҳәа иҳәеит Назаров.

Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа рыла, мшаԥы 15 инаркны Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим мҩаԥыргароуп, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәуп.

Аԥсны аиҳабыра Роспотребнадзор Урыстәыла алаларазы иҟанаҵаз аԥҟарақәа ҳаилнаркаауеит

Арҭ аԥҟарақәа ирыцәшәаз мшаԥы 15 азы Аԥсныҟа аекскурсиатә турқәа аазхәаз урыстәылатәи атуристцәа ареспублика иаламлеит рыхынҳәра уадаҩхар ҳәа ишәаны.

Уаанӡа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла алалараз аԥҟара ҿыцқәа инарымаданы Роспотребнадзор ахь азыҳәа нанашьҭит урҭ аԥҟарақәа иныҭкааны аилкаара рзыҟарҵарц, урҭ Аԥсны атәылауаа рыҵаркуоу ирыҵарымкуоу ддырдырырц. Аофициалтә ҭак Роспотребнадзор аҟынтә иҟам.