Аԥсны ААР Шьамтәыла Ареспублика Ахьыԥшымра амш рыдырныҳәалеит

Мшаԥы 17 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иазгәарҭоит рҳәынҭқарратә ныҳәақәа ирхадоу - Ахьыԥшымра амш.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республика ахьыԥшымра 75 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Шьамтәыла адәныҟатәи рџьынџьуааи русқәа рзы аусбарҭахь. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

"Иахьа шәхьыԥшымра 75 шықәса ахыҵит, уи иарҵабыргуеит ахақәиҭреи ахатәы ҿиарамҩеи аиуразы агәымшәареи агәаӷьреи шаадырԥшыз Шьамтәыла жәлар", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҟны. 

Мшаԥы 17, 1946 шықәсазы Шьамтәыла аҵакырадгьыл франциатәи архәҭақәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Ареспубликаҿы ари амш азгәарҭоит- Ахьыԥшымра иамшны.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәнаргылеит 2018 шықәса лаҵара 25 рзы. 

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа азухоит

2020 ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәылатәи Арабтә республика ахада Башар аль-Асад дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Имҩаԥган аҳәынҭқарратә гәраргагатә шәҟәқәа реимдара. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит Дамаск ақалақь аҿы жьҭаара 6 рзы.

Жьҭаара 6, 2020 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы рминистр, Шьамтәыла аминистрцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Уалид Аль Муаллеми аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит адипломатиатәии амаҵзуратәии паспортқәа змоу рзы авиза аԥыхразы.