Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥгахар аналшо арыцхә ҳәоуп

2021 шықәса лаҵара 9, Аиааира амш азы Урыстәыла имҩаԥгахоит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" онлаин-форматла.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Итрадициатәу амҩасра 2021 шықәсазы имҩаԥгахар алшоит рашәара 24 рзы, атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалнаршар ҳәа лҳәеит "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" аштаб хада ацхантәаҩ Елена Цунаева.

2020 шықәсазы аханатә ауснагӡатә мҩаԥыргараны иҟан Аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы, аха иахыган акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны, имҩаԥган онлаин-форматла.

"Ԥсра зқәым архәҭа" аныҟәара мҩаԥгахар алшоит еиуеиԥшым аформатқәа рыла

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь инаркны Ахақәиҭра ашҭаҟынӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраани иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рфотосахьақәа рыманы имҩасит Аԥсны ауааԥсыра.

Аибашьра ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.