Асахьаҭыхыҩ Лиудмила Будиак лцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Лиудмила Будиак лекспозициа аҭааҩцәа ирбар рылшоит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы мшаԥы 30 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхыҩ Лиудмила Будиак лцәыргақәҵа "Гәаартыла" Аҟәа мшаԥы 20 рзы Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаатит.

"Гәаартыла" – ретроспективтә цәыргақәҵоуп. Ара еидкылоуп аҭыхымҭа ҿыцқәа реиԥш 70-80-тәи ашықәсқәа рзы иҭылхызгьы. Дара Аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә галереиаҿгьы еиқәханы иҟоуп, "Амҳаџьырқәа" захьӡу усумҭак ыҟоуп Дырмит Гәлиа имузеи аҿы. Лиудмила – Аҟәа ииз, иааӡаз, ара збаҩхатәра аҽарҭбааз сахьаҭыхҩуп. Лусумҭақәа рҿгьы Аҟәа зегьы ирыҵубаауеит", - ҳәа лҳәоит азал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лиудмила Будиак ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит лырҿиамҭақәа рбаразы иахьымҩахыҵыз азы.

"Ацәыргақәҵа – акыршықәсатәи сџьабаауп. Иҟоуп асовет аамҭақәа рзы снапы иҵыҵыз, иҟоуп иахьатәи сдунеихәаԥшышьа аазырԥшуа. Сырҿиамҭақәа зегьы ирынцәахәу с-Аԥсноуп. Сгәы иҭоу зегьы сырҿиамҭақәагьы ирныԥшуеит", - ҳәа лҳәоит Лиудмила Будиак.

40 усумҭа еидызкыло ацәыргақәҵа "Гәаартыла" Аҟәа, мшаԥы 20 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит. Уи аҭаара алшоит мшаԥы 30 аҟынӡа.