Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аартхоит "Самырзаҟани" "Риҵеи" рыхәмаррала

XXVIII Аԥсны ачемпионат иалахәхоит акомандақәа ааба: "Саӡ", "Гагра", "Афон", "Риҵа", "Динамо", "Нарҭ", "Самырзаҟан", "Шахтиор".
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. XXVIII ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аадыртуеит Гал ақалақь аҿы, еиԥылоит аҭыԥантәи "Самырзаҟани" гәдоуҭатәи "Риҵеи". Ахәмарра иалагоит асааҭ 16:00 рзы. Абри атәы аанацҳауеит ашьапылампыл азы Афедерациа.

Аҟәатәи "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа хада иаиааит

Актәи атур аан еиқәшәоит аҟәатәи "Нарҭи" тҟәарчалтәи "Шахтиори", ахәмарра мҩаԥысуеит мшаԥы 21 рзы.

Аҟәатәи акоманда "Динамо" цандрыԥшьтәи "Саӡ" мшаԥы 22 рзы еиԥылоит. Актәи атур хыркәшахоит мшаԥы 23 рзы акомандақәа "Гагреи" "Афони" реицыхәмаррала.

XXVIII ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит мшаԥы 20 инаркны абҵарамзанӡа. Актәи аикәшара мҩаԥысуеит рашәарамзанӡа, аҩбатәи аикәшара – цәыббрамзазы иалагоит.