Аслан Бжьаниа усутә визитла Москваҟа дцеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа фынтәуп усутә визитла ахада иаҳасабала дцоижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Аслан Бжьаниа усутә визитла Москваҟа дцеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны иҟоуп.

Аҵыхәтәаны Бжьаниа Москва дыҟан ԥхынҷкәынмзазы.