Аԥсныҟа анаркотикқәа раагаразы Адлертәи аӡбарҭа аҳәаанырцәуаҩ изы азыӡба аднакылеит

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысраан дааныркылеит аҳәаанырцәуаҩ.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә Адлертәи аӡбарҭа анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабандаз ахарадҵаратә зыӡба аднакылеит аҳәаанырцәуаҩ иганахь ала ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Атәылауаҩ идбалан лента еиқәаҵәала иҿаҳәаз аилаҳәара. Аексперттә ҭҵаара алкаақәа рыла аилаҳәара илаҳәаз амаҭәашьар наркотиктә маҭәашьарқәан – мефедрон (4-метилметкатинон), метадон (фенадон, долофин).

Анаркотикқәа рконтрабандаз атәымтәылауаҩ Шәача быжьшықәса иқәырҵеит

Урыстәыла аиҳабыра рықәҵара №681 (30.06.1998) "Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахылаԥшра зҭатәу анаркотиктә маҭәашьарқәеи урҭ рпрекурсорқәеи рышьақәырӷәӷәаразы" инақәыршәаны мефедрони метадони наркотиктә маҭәашьаруп ҳәа асиа иарбоуп.

Атәылауаҩ ахара зызидырҵо ацәгьоурахь иаҵанакуеит: Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 228.1 актәи ахәҭа (анырра ӷәӷәа ҟазҵо амаҭәашьар аконтрабанда), Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 228 актәи ахәҭа (анаркотикатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада раахәара, рыҵәахра, рымҩангара), Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 229.1 аҩбатәи ахәҭа (хыԥхьаӡара рацәала анаркотикатә маҭәашьарқәа рконтрабанда). Иара иқәҵоуп хәышықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ихыгаразы.

Ашьауӷа азинмчра аиуит.