Аспортсмен Асҭамыр Мамед-оӷлы "Еверестинг" ҳәа еиҿкааз аспортхкаҿы илиршеит Аҟәа ашьхантә анаркодиспансер аҟынӡа даанымгылаӡакәа 63-нтә ахалареи албаареи. Иааизакны аҳаракыра 8 848 метра иҟан. Арадио Sputnik аефир аҿы Мамед-оӷлы иҳәеит ас еиԥш аицлабра ахалархәра ишәаны-изаны дшазнеиз.
"Ари иахьа угәы иҭакны уаҵәы иҟаиуҵаша усмызт. Аицлабра схы аласырхәып ҳәа анысыӡбоз хәыҷык сагьшәон, исылшарыма ҳәа. Избанзар иааит Урыстәылантәи аспортсменцәа, сазыҟаҵаҩ, дара зегьы сывагылан. Ари аҭакԥхықәра ду сыднаҵон", - ҳәа азгәеиҭеит аспортсмен.
Аԥсны Амаланыҟәатә спорт азы афедерациа ахада Вахтан Ԥиԥиа иҳәеит ари аицлабра иабзоураны Аԥсны аӡбахә акырӡа инаӡеит ҳәа.
"Ари аицлабара аӡабхә атәы раҳаит амаланыҟәазы афедерациақәа жәпакы. Уи аума аҵанакуеит, ари аҩаӡара ҳаракуп. Аԥсназы аӡыргара дуӡӡа ҟаҵоуп Асҭамыр ибзоурала", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥиԥиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амаланыҟәатә марафон "Еверестинг" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит