Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гьергьиа Каштак аԥсшьаҩцәа рыдкылара иазкны
© Sputnik
"Хықәкыла арахь иаҳзаауа дыҟам, аҳаблахь иқәлаз, иҵаауеит, ҳахьаангылаша шәымоума ҳәа, аҭыԥ ыҟазар, иаангылоит. Анаҩс изгәаԥхо ыҟоуп, изгәамԥхогьы дубап, зегьы ргәы иақәшәо аԥсшьарҭа аиҿкаара аҟаҵара уадаҩуп. Ара аҳаблаҿы издызымкыло дмаҷуп, зегьы убри иаҿуп. Уаҭахк, ҩба, хԥа, доусы ишеиҿикааз еиԥш. Ҵыԥх арахь иааз реиҳарак шьҭа ҳаздыруа роуп, егьыс еиҿкааны иаауа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Амҩасцәа ара еиҳарак аҭыԥ залырхуа, амшын ахьааигәоу ауп. Аҩны индәылҵт, амшын аҟынӡа инеит, иманшәалоуп цәгьала", - хәа еиҭеиҳәеит Гьергьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.