Ахьӡ-аԥша амузеи Аиааира амш 76-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа рыплан азнархиеит

Сынтәа иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 76-шықәса ахыҵра. Аибашьра ду иалахәын 55 000-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы Аиааира амш 76-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа рыплан азнархиеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски.

Лаҵара 7 рзы атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалахар, амузеи ахыбраҿы имҩаԥгахоит 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа рзы абреинринг аибашьра атемала. Ари ауснагӡатә уаанӡагьы имҩаԥыргалон.

"Алахәылацәа азыҟаҵара бзиа рымоуп. Ари атема ахәыҷқәа аинтерес ахьрымоу угәы иахәартә иҟоуп", - иҳәоит Медвенски.

Лаҵара 9 азы амузеи аусзуҩцәа аибашьра афырхацәа анышә иахьамадоу арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргараны иҟоуп.

Аусурақәа мҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи афотосахьақәа, асалам шәҟәқәа, адокументқәа ацифра рахыжьразы.

Аныҳәа амш азы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Аибашьра ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.