Аԥсны ахадеи "Росгосстрах" аусбарҭа анапхгаҩи аусеицуразы еилацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи акционертә еилазаара "Росгосстрах" адиректор хада Геннади Гальперины аусбарҭа анапхгара реиҳабы Олег Меркуловы аиԥылара мҩаԥыргеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараан Бжьаниеи "Росгосстрах" аусбарҭа анапхгаҩи Аԥсны аус ацура азҵаара иалацәажәеит

Аԥсны ахадеи "Росгосстрах" аусбарҭа анапхгаҩи аусеицуразы еилацәажәеит

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ԥгаԥсатә еилахәыра (РОСГОССТРАХ) –Урыстәыла реиҳа иналукааша ԥгаԥсатә еиҿкаароуп, СССР Госстрах иашьҭрақәлаҩуп.

Бжьаниа ипресс-маҵзура адыррала Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.

Аҵыхәтәаны Аслан Бжьаниа Москва дыҟан ԥхынҷкәынмзазы.