Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа закәаншьаҭада иахысуаз ахаҵа ахараԥса идырҵеит

Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы азин рымоуп иахәҭаны иршьо адокументқәа ргәаҭара, иара убасгьы ахаҿқәеи атранспорт хархәагақәеи аамҭала рныҟәара аԥкра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәаахьчаратә гәаҭарақәа анымҩаԥыргоз дааныркылеит Урыстәыла атәылауаҩ иара иитәымыз адокумент ала аҳәаа ахысра зҽазызшәоз.

Адлертәи араионтә ӡбарҭа ари ахаҿы ацәгьа иуит ҳәа ахара ихараҵаны 55 000 мааҭ ахараԥса идырҵеит.

Ари ахаҿы иганахь ала аусҭҵаара хацыркын Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 30 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 322 ахәҭа 1 –Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысра аҽазышәаразы ала.

Азыӡба азакәантә шьаҭа аиуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: