Аԥсны аоперштаб: даҽа 65-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14182-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13375-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 220-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 257-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 65-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 47-ҩык, урҭ рахьтә 39-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 28-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>