Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгара рҟны аилацәажәара мҩаԥигеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла мшаԥы 20 рзы Москваҟа дцеит. Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгара рҟны аилацәажәара мҩаԥигеит аҳәоит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниеи Урыстәыла ахада иусқәа напхгара рзызуа Александр Колпакови актәи ихаҭыԥуаҩ Павел Фрадкови Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара далахәын Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Аҵыхәтәаны Бжьаниа Москва дыҟан ԥхынҷкәынмзазы. Уажәы Бжьаниа Урыстәыла ахада Иусбарҭаҟни Урыстәыла аиҳабыра рыҟни аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп ҳәа аҳәоит ахада ипресс-маҵзура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: