Арадио

Ҷкотуа: аиҳабацәа рхымҩаԥгашьала ҳрааӡон ҳаныхәыҷыз

Амилаҭтә культура иадҳәалоу абзиарақәа реиқәырхашьа, аҭаацәареи ахшареи реимадара, ааӡараҟны иҟоу ахьысҳарақәа зыхҟьо ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуеи аетнограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡбеи.
Sputnik
Ҷкотуа: аиҳабацәа рхымҩаԥгашьала ҳрааӡон ҳаныхәыҷыз

"…Сара сазхәыцуеит саныхәыҷыз сани, саби, сандуи ҷыдала ҳрааӡозма ҳәа. Мамоу. Абри ҳқыҭаҟны иҟаз зегьы рхымҩаԥгашьала ҳрааӡон. Абри абри ауп ҳәа ҳарҳәаӡомызт. Ус ишыҟоу иаҳдырбон рыԥсҭазаашьала, рныҟәашьала, ртәашьа-ргылашьала, реизыҟазаашьала. Урҭ уахьрыхәаԥшуаз ухы уааӡон, убри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟан", - иҳәеит Ҷкотуа.

Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.