Арадио

Џьниа еиҭалҳәеит иахьазы Гәдоуҭа араион аҟны акарантин ахь шаҟа школ шьҭу

Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аспециалист Римма Џьниа арадио Sputnik аефир аҟны рубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит COVID-19 иахҟьаны иахьазы аҵаратә процесс араион аҟны иахьаанкылоу шаҟа школ ыҟоу атәы.
Sputnik

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы акарантин рылаҳәоуп, ҩымчыбжь аҵара рҵаӡом, гәыԥҩык акоронавирус ахьрыдбалоу иахҟьаны.

 

Џьниа еиҭалҳәеит иахьазы Гәдоуҭа араион аҟны акарантин ахь шаҟа школ шьҭу

"Мшаԥы 19 инаркны иаркын Мгәыӡырхәатәи ашкол ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы. Ичмазаҩхеит ԥшьҩык арҵаҩцәа, фҩык аҵаҩцәа. Ашкол аҟны 73–ҩык аҵаҩцәа ыҟоуп, арҵаҩцәа - 20-ҩык. Иахьазы есыҽны аҭагылазаашьа гәарҭоит, чымазараҿкы уаҳа аӡәгьы имыхьӡеит уи ашьҭахь. Егьырҭ ашколқәа рҟны аҵаратә процесс цоит", - лҳәеит Римма Џьниа.

 

Иаҳа инарҭабаау аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: