Аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара административтә комплекс Гәдоуҭа иргылахоит

Аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара административтә комплекс Гәдоуҭа иргылахоит араион ахадара ақәшаҳаҭрала, ахатәԥара алагаларала.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара административтә комплекс Гәдоуҭа, Ӡиӡариа ихьӡ зху амҩаҿы аргылара иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Иаку адоуҳатә напхгара ахантәаҩы Ҭемыр Ӡыба.

"Уа иҟалоит Гәдоуҭа аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгара административтә хәҭа, адин аҵаразы аклассқәа. Иара убасгьы – анамаз ахьыркуа ауада. Апроект ала ахыбра ҩ-еихагылакны иргылахоит. Араион ахадараҿы ишырҳәо ала, аплан шьақәырӷәӷәоуп", - иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аԥсылманцәа анамаз акразы, аԥсылманра адин аҵаразы Сергеи Дбар ихьӡ зху апарк аҿаԥхьа игылоу ахыбраҿы еизалоит, аха уи ахыбра ахышәаҵышәа маҷуп.

"Уаҟа ахәаша анамазкра мҩаԥыргоит, аха уа аамҭалоуп ҳшыҟоу. Ҳакыртәгьы иҟам. Убри азоуп аҭагылазаашьа иақәшәо акультура аобиект аргылара гәҭакыс изышьҭаҳкыз", - иҳәеит Ӡыба.

Ахыбра аргылара анхыркәшахо аҳәара уадаҩуп иара ауаа рԥареизгарала ахьакәу азы.