Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз Кәтол аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥгахоит

Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽымпыл ахәмарра, аҵәы аршәра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аҟны аиааира агара амш 76-шықәса ахыҵра иазкны Кәтол ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә Еизара адепутат Геннади Ҵлаииа.

Ахьӡ-аԥша амузеи Аиааира амш 76-шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа рыплан азнархиеит

"Есышықәса лаҵара 1 азы Кәтол аҽырыҩра мҩаԥаагоит. Аицлабрақәа ирылахәхоит Очамчыра араион акомандақәа реиԥш Аԥсны егьырҭ араионқәа рҟынтәи акомандақәагьы. Иазыԥхьагәаҭоуп 1400, 1800, 2000 метра аиԥхныҩлара. Иқәдыргылоит аҭыԥантәи аҽыжәлахкқәа реиԥш аҽыжәлацқьақәагьы", - иҳәоит Ҵлаииа.

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи раан иҭахаз ргәалашәара иазку аҽеиԥхныҩлара адагьы имҩаԥгахоит аҽымпыл, аҵәы аршәра.

"Ауснагӡатә асааҭ 10:00 рзы иаартхоит иҭахаз аибашьцәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Анаҩс имҩаԥгахоит ақәгыларақәа, иазгәаҭоуп аконцерттә программа", - иҳәоит иара.

Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аҟны аиааира агара амш 76-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо ауснагӡатә еиҿыркааит Кәтол ақыҭа ахадара, Очамчыра араион ахадареи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки рыдгыларала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: