Аԥсны 87-ҩык акоронавирус рыхьит рҳәеит аоперштаб аҿы

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14408-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13479-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 355-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 87-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 58-ҩык, урҭ рахьтә 44-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 32-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 35-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 10-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>