Атәылауаҩшәҟә ԥаршеи ала аҳәаа ахысра зҭахыз ауаҩы даанкылоуп

Адокумент иашақәа рыда аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа 200 000 мааҭ ахараԥса рықәырҵоит ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура рыдырҵоит, ма иара убри аамҭала ҭакрала ирхыргароуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы аҳәаахьчаратә гәаҭарақәа анымҩаԥыргоз дааныркылеит Урыстәыла атәылауаҩ иара иитәымыз адокумент ала аҳәаа ахысра зҽазызшәоз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Белоруссиа атәылауаҩ адокумент ԥаршеи ахархәарала Аԥсны аҳәаа ахысра иҽазишәеит

Аексперттә лкаа инақәыршәаны аҳәаанырцә-тәылауаҩшәҟә адаҟьақәа зегьы рҿы адыррақәа акомпиутор аԥшшәы змоу апринтери асканери рхархәарала икьыԥхьын.

Ари ахаҿы иганахьала аусҭҵаара хацыркын Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 30 ахәҭа 1; ахәҭаҷ 322 ахәҭа 1 – Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысра аҽазышәаразы ала.

Адокумент иашақәа рыда аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа аҭакԥхықәра идырҵоит: 200 000 мааҭ ахараԥса ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура идырҵоит, ма иара убри аамҭала ҭакрала ихиргароуп.