"Аҽгәара" аҟны аремонттә усурақәа рылагаразы аматериал мышқәак рыла иаашьҭхоит

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки Москва аиԥылара рыман.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азы аматериалқәа иааиуа амшқәа рзы Аԥсныҟа раагара еиҿкаахоит ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.

Аенергетикеи аинвестициеи: Кристина Озган Москва аиԥыларақәа мҩаԥылгеит

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки Москва реиԥылараан иалацәажәеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азура азҵаара. Урыстәыла аенергетика аминистрраҿы ирҳәеит аусурақәа рырццакразы атехникатә цхыраара шыҟарҵо.

Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит Аԥсны афымцацәаҳәатә инфраструктура арҿыцра апрограмма.

Мшаԥы 26 рзы заанаҵы ихыркәшахеит ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа, ареспублика астанциаҟынтә афымцалашара аиуа иалагеит. Аиԥылараан иазгәаҭан Урыстәыла абри аамҭазы Аԥсны иазоунажьыз афымцамч ахышәаҵышәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: