Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи рус аӡбарҭахь инашьҭуп

Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи харас ирыдырҵоит уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани урҭ рыхәҭақәеи, арҭҟәацгақәеи азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Ахра Аҩӡба, Талех Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа рганахьала аус нашьҭуп Гәылрыԥшь араион аӡбарҭахь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәеи хараны ирыдырҵоит уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани, урҭ рыхәҭақәеи, арҭҟәацгақәеи азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара.

Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.

Аԥсны АШәМ: Аҩӡба дзыхьчоз иҩызцәеи аҳәынҭқарратә мчра аиҭакра аҽазышәара рыгәҭакын

Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслан Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы – мшаԥы 5 рҟынӡа ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.

Мшаԥы 1 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара даҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Убри аан аус даҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахьала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.

Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.