Аруаа аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь аполигонқәа дрыцқьоит

Асапиорцәа аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь идрыцқьараны иҟоу аҵакыра 12 гектар инеиҳаны иҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аруаа рынџьныр-сапиортә ҟәша аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи дрыцқьараны иҟоуп аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь иаанхаз, иԥжәар зылшо амаҭәарқәа рҟынтә ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа ахысрақәа мҩаԥыргеит Аԥсны ашьхареи агаԥшаҳәеи рҿы

Аӡынтә ҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан миллионк инеиҳаны аџьаԥҳаны.

Асаперцәа иҷыдоу аԥшаагақәа "Коршун", аметаллԥшаагақәа "ИМПС", ахьчага цәамаҭәа "Сокол" рыла еибыҭоуп.

Асапиорцәа идрыцқьараны иҟоу аҵакыра 12 гектар инеиҳаны иҟоуп.

Ирыԥшаауа, ишәарҭоу амаҭәарқәа аҭыԥ аҿы иԥыржәоит атротилтә зариадқәа рыла.

Аполигонқәа зрыцқьараны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арҵаратә центрқәа рҿы азыҟаҵара иахыжьуп, аминаҵхрагьы азин рыҭоуп.