Арадио

Бганԥҳа: Аиааира Ду ҳзаазгаз ирыхәҭоу апату ҳзыҟамҵошәа сгәы иабоит

Гагра араион акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәцәа рыхьӡала игылоу абаҟақәа араион аҟны хылаԥшра ахьынӡарымоу ртәы.
Sputnik
Бганԥҳа: Аиааира Ду ҳзаазгаз ирыхәҭоу апату ҳзыҟамҵошәа сгәы иабоит

"Гагра араион иахьаҵанакуа уамак ирацәам Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рыхьӡала игылоу абаҟақәа. Идырым асолдаҭ ибаҟа Гагра ақалақь агәаны игылоу араион анхамҩабзазара аҟәша абаҟа ацқьара еснагь хылаԥшра анаҭоит. Бзыԥҭа аҳаблаҟны иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа хылаԥшра анаҭоит ашкол. Егьырҭ аҳаблақәа рҿы анхамҩатә ҟәша иаҵанакуа адгьылқәа рҟны ахылаԥшра дара иарҭоит. Убасгьы агәалашәаратә мшқәа рзы ашколхәыҷқәа ашәҭқәа шьҭарҵоит абаҟақәа рҟны", - лҳәеит Бганԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: