Ҵахнакьиеи Поповеи ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәараны иҟоуп

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистри Урыстәыла асанитартә ҳақьым хадеи Шәача еиԥылоит мшаԥы 30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Роспотребнадзор аиҳабы, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Поповеи ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәараны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Попова: Урыстәыла аҳәааҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра арӷәӷәеит

Апресс-маҵзураҿы ишырҳәо ала, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Роспотребнадзор аиҳабы, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Поповеи алацәажәараны иҟоуп атуристтә сезон аан аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра аиҿкаара азҵаарақәа.

Иара убасгьы ирзааҭгылараны иҟоуп акоронавирустә инфекциа аҿагылара, Гагреи Очамчыреи рҿы ПЦР–лабораториа ҿыцқәа рзы акадрқәа разырхиара.

Атуроператорцәа Голикова илыҳәеит атуристцәа рзы атестқәа аԥырхырц

Ҵахнакьиеи Поповеи иара убасгьы иахәаԥшраны иҟоуп аминистрреи Роспотребнадзори рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара.

Мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадеи Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Поповеи Аслан Бжьаниеи еиԥылеит. Бжьаниеи Поповеи акоронавирустә инфекциа Аԥсни Урыстәылеи аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Аиԥылара хыркәшо, Анна Попова атуристтә сезон аартра далацәажәеит, иагьылҳәеит атурсезон азҵаара Аԥсны иҷыдоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи лареи шалацәажәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: