Роспотребнадзор Аԥснынтәи ихынҳәуа урыстәылауаа рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа реилкаа ҟанаҵеит

Роспотребнадзор мшаԥымза анҵәамҭазы аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәароуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik.  Роспотребнадзор Аԥснынтәи ихынҳәуа урыстәылауаа рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа реилкаа ҟанаҵеит Instagram аофициалтә даҟьаҿы.

Анҵамҭа ишаҳәо ала, Урыстәыла алалараан иаларгалаз аԥҟарақәа ирыҵаркӡом аурыс-аԥсуа ҳәаа уахьгьы арахьгьы иахысуа Урыстәыла атәылауаа.

Иара убас иазгәаҭоуп, атәылаҟны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара инамаданы Аԥсны иаҭаауа урыстәылауаа рзы ПЦР-атест аҭара аҭахны иҟам, атест аҭак аҳәынҭқарратә маҵзурақәа иаку рпортал аҿы икьыԥхьтәым.

Аԥсны атуризм аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова Шәача имҩаԥгаз аилацәажәара ашьҭахь илҳәеит, Роспотребнадзор иаланагалаз аԥҟарақәа Аԥсны аҵанакӡом ҳәа.

Роспотребнадзор мшаԥымза анҵәамҭазы аҳәамҭа ҟанаҵахьан, Урыстәыла иалало ртәылауаа зегьы хымш рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа арҭароуп, аҭак роуаанӡагьы аҽыԥхьакра арежим иқәныҟәароуп ҳәа. Уи ашьҭахь аусбарҭаҿы ирҳәеит лаҵара 1 ашьҭахь аҳәаанырцәынтә Урыстәылаҟа ихынҳәуа атәылауаа акоронавирус азы ҩынтә атест арҭароуп мышкы еиҳамкәа ирыбжьаҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: