Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Берлин агаразы адокументқәа рымаӡара рыхнахит

Берлинтәи аоперациа ахыркәшаратә фаза иалагеит мшаԥы 23, 1945 шықәсазы. Амаршал Георги Жуков инапхгарала 1-тәи Белоруссиатәи афронт аруаа ақалақь рнапахьы иааргеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Берлинтәи астратегиатә жәыларатә операциа иазку амультимедиатә ҟәша ҿыц аартуп Урыстәыла атәылахьчара аминистрра асаит аҿы.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аибашьраантәи адокументқәа рымаӡара рыхнахит

Апроект "Без срока давности" аҳәаақәа ирҭагӡаны ара икьыԥхьуп зымаӡара зхыху адокументқәа.

Ицәыргоуп 1-тәи Белоруссиатәи афронт 5-тәи ажәыларатә ар ржурнал.

Адокумент адыррақәа рыла Берлин абааш еиԥш ирӷәӷәан. Ақалақь амҵатә хырӷәӷәарҭақәа рыҟаҵара иалагеит 1945 шықәса жәабранмзазы.

Берлин ахьчара иаакәыршаны аа-секторкны еиҿкаан. Агәҭатәи ажәбатәи асектор ахырӷәӷәарҭа ҳәа иашьҭан. Иара иаҵанакуан аиҳабыра ахьтәаз акварталқәа рраиони Тиргартен апарки.

Ақалақь аҩныҵа аибашьра анцоз анемец ар агәыԥ маҷқәа еиҿыркаауан аиҳарак автоматчикцәеи аснаиперцәеи рыла ишьақәгылаз.

Гитлери Геббельси рыҽшыршьыз азы Сталин изаашьҭыз адыррашәҟәы кьыԥхьуп

Берлин анапахьы аагаразы жәымшы ажәыларақәа цон. 1945 шықәса мшаԥы 30 рзы ажурнал анҵамҭа абас аҳәоит: "Аамшуп Берлин азы аибашьра ду цоижьҭеи (30.4.45). "Берлин ду" аҟынтәи аӷа инапаҿы иаанхаз 4 раионк роуп: Пренцлауерберг, Митте, Тиргартен апарк, Вильмерсдорф мрагыларатәи ахәҭа".

Лаҵара 2, 1945 шықәсазы ар ржурнал аҿы иарбоуп: "Лаҵара 1, 1945 шықәса ажәылара ажәбатәи амш ауп. 06:00 2.5.45 ш. Берлин зыхьчоз анемец гарнизон ҭаслымхеит".

Берлин агара иалахәыз асовет солдаҭцәеи афицарцәеи жәпаҩык Трептов-парк аҿы аиашьаратә ԥсыжырҭаҿ анышә иамардеит.

Архивтә документқәа, амультимедиатә експозициа аҟәша иаҵанакуаз рымаӡара рхыхны акьыԥхь дырбоуп апроект "Без срока давности" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Апроект хацыркуп Урыстәыла ахада Владимир Путин инапынҵала.