Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз Кәтол аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥысуеит

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаԥысуа аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәуп Кәтолтәи, Гәылрыԥшьтәи акомандакәа ҩба.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аҟны аиааира агара амш 76-шықәса ахыҵра иазкны Кәтол ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥысуеит, абри атәы аҭыԥантәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽымпыл ахәмарра, аҵәы аршәра.

Аиндаҭларақәа ирылахәуп кәтолаа, Гәылрыԥшь араион акоманда "Кәыдры" аҽыбӷаҟазацәа, иара убас арахь иааиит Гәдоуҭатәи аҽыҩҷкәынцәа, дара аиԥхныҩлараҿы еиндаҭлараны иҟоуп.

Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз Кәтол аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥысуеит

Аиндаҭларақәа аартуа еизаз аԥсшәа реиҳәеит Кәтол ақыҭа аиҳабы Вахтанг Кәарцхьиа. Аспортсменцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, иазгәеиҭеит Кәтол ақыҭан аҽырыҩра жәашықәса иназынаԥшуа ишымҩаԥырго, иалахәын 5-6 команда. Сынтәа иалахәу акомандақәа рмаҷра аҿкычымазара иадиҳәалоит.

Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкало иранашьахоит аԥаратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи.

Аиааира ду амшныҳәа аламҭалаз Кәтол аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥысуеит

Аполитикатә партиа "Амцахара" ахьӡала ахраҿа ранашьахоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуи, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ирылаӡызи, иара убас кутолтәи акоманда аиҿкааҩ Даур Амҷбеи ргәаларшәара аҳаҭыраз имҩаԥгахо аиԥхныҩлара иаиааиз.

Ауснагӡатә еиҿыркааит Кәтол ақыҭа ахадара, Очамчыра араион ахадареи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки рыдгыларала.

Ауснагӡатә аартын иҭахаз аибашьцәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.