Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку абаҟақәа ирхылаԥшуеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Еибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-а Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа шәкы рҟынӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку абаҟақәа ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аҟазауаҩ хада Лана Чхьынџьериаԥҳа.

Аҩӡба Гәдоуҭа араион иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду абаҟақәа рҭагылазаашьазы

Ииашаҵәҟьоу астатистика ыҟам, аха абаҟақәа зегьы аҳәынҭқарра хылаԥшра рнаҭоит. Убри аан реиҭашьақәыргылареи ррыцқьареи ауааԥсыреи араионқәа рхадарақәеи роуп имҩаԥызго.

"Аҳәынҭқарратә ҩаӡара аманы абаҟақәа реиҭашьақәыргылараз апроект ыҟам. Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент – хылаԥшартә усбарҭоуп. Афинанстә цхыраара ауам, аусурақәа рхаҭабзиароуп игәанаҭо",- лҳәеит лара.

Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор лхаҭыԥуаҩ Николаи Медвенски еиҭеиҳәеит 2010 шықәса рзы имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла 62 обиект шазгәаҭаз: ааба Аҟәа араион аҿы, фба Гагра араион аҿы, жәаф Гәдоуҭа араион аҿы, хәба Тҟәарчал араион аҿы, жәаф Очамчыра араион аҿы, акы Гал араион аҿы.

Медвенски иҳәеит ииашахаҭаны аобиектқәа иҵегь шыҟоу.

"Арҭ адыррақәа нагӡам избанзар ирыҵаркуа амшынԥшаҳәеи ашьхара иахьаԥнуи иҟоу абаҟақәа роуп, арахь иалам Гал араион аладатәи акалҭи ашьхаҳаракырақәа рҿи иҟоу абаҟақәа. Асовет аамҭазы қыҭацыԥхьаӡа абаҟа гылан. Аиҭагәаҭарақәа мҩаԥгатәуп. Ҳара уажәы ари аус ҳнапы алакуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны аусура иалагоит Аибашьра Ду аҟны иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаараз апроект

Медвенски иажәақәа рыла рмузеи аусзуҩцәа рхатә харџьқәа рыла арыцқьаратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

"Ҳара иҳалшо ҟаҳҵоит аха уи азхоны иҟам. Иҟоуп аремонт ззыҟаҵамзар амуа аобиектқәа", - иҳәеит иара.

Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха Адепартамент аиҳабы Гарик Сангәлиа иажәақәа рыла аҟәша иахәҭоу азхьаԥшра амам, афинанстә ган аганахь алагьы ишахәҭоу аиԥш абаҟақәа хылаԥшра рырҭалартә. Уи адагьы аусзуҩцәа иҟоу азхом.

"Аобиектқәа зегь ҳзеимдом, атранспорт амамзаара иахҟьаны. Абылтәы ҳамам. Араионтә хаҭаранкрақәа рҿы штатбжала аус руеит, иуҳәар ауеит рхатә џьабаахәла", -  иҳәеит иара.

Сангәлиа ишазиԥхьаӡо ала афинанстә хәҭагьы налаҵаны иааидкыланы аҭагылазаашьа еиӷьтәтәуп.

Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха Адепартамент 2014 шықәсанӡа ишыҟаз аиԥш ҳәынҭқарратә усбарҭаны еиҭактәуп.