Аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырыҩра: Кәтол имҩаԥысыз аҽқәа реиндаҭлара

Sputnik

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаԥысуаз аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәын Кәтолтәи, Гәылрыԥшьтәи акомандакәа ҩба, иара убас Гәдоуҭатәи аҽыҩҷкәынцәа.

Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкалаз иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи.

Ауснагӡатә еиҿыркааит Кәтол ақыҭа ахадара, Очамчыра араион ахадареи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки рыдгыларала.

Ауснагӡатә аартын иҭахаз аибашьцәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

 

1 / 9
Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаԥысуа аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәуп Кәтолтәи, Гәылрыԥшьтәи акомандакәа ҩба.
2 / 9
Аҽымпыл ахәмарраҿы 9:7 ҳәа аиааира ргеит Кәтолтәи акоманда.
3 / 9
Аҽыҩцәа ашьацқьа злоу аҽқәа ирықәтәан.
4 / 9
Аҽырыҩрахь инеиит ахәаԥшцәа рацәаҩны.
5 / 9
Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽымпыл ахәмарра, аҵәы аршәра.
6 / 9
Ааԥыни аџьеи рымшныҳәа аҽны аҽыспорттә еиндаҭларақәа Кәтол ақыҭан иазгәарҭоижьҭеит 10 шықәса ҵуеит.
7 / 9
Аҵәеигәыдҵараҿы 6:1 ҳәа аиааира ргеит Кәтолтәи аҽыбӷаҟазацәа
8 / 9
Аиндаҭларақәа ирылахәын кәтолаа, Гәылрыԥшь араион акоманда "Кәыдры" аҽыбӷаҟазацәа, иара убас Гәдоуҭатәи аҽыҩҷкәынцәа.
9 / 9
Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкало иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи.