Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаԥысуаз аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәын Кәтолтәи, Гәылрыԥшьтәи акомандакәа ҩба, иара убас Гәдоуҭатәи аҽыҩҷкәынцәа.
Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкалаз иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи.
Ауснагӡатә еиҿыркааит Кәтол ақыҭа ахадара, Очамчыра араион ахадареи аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилаки рыдгыларала.
Ауснагӡатә аартын иҭахаз аибашьцәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала.

1/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Очамчыра араион Кәтол ақыҭан имҩаԥысуа аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәуп Кәтолтәи, Гәылрыԥшьтәи акомандакәа ҩба.

2/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽымпыл ахәмарраҿы 9:7 ҳәа аиааира ргеит Кәтолтәи акоманда.

3/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽыҩцәа ашьацқьа злоу аҽқәа ирықәтәан.

4/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽырыҩрахь инеиит ахәаԥшцәа рацәаҩны.

5/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽымпыл ахәмарра, аҵәы аршәра.

6/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ааԥыни аџьеи рымшныҳәа аҽны аҽыспорттә еиндаҭларақәа Кәтол ақыҭан иазгәарҭоижьҭеит 10 шықәса ҵуеит.

7/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҵәеигәыдҵараҿы 6:1 ҳәа аиааира ргеит Кәтолтәи аҽыбӷаҟазацәа

8/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиндаҭларақәа ирылахәын кәтолаа, Гәылрыԥшь араион акоманда "Кәыдры" аҽыбӷаҟазацәа, иара убас Гәдоуҭатәи аҽыҩҷкәынцәа.

9/9
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥхьахә ҭыԥқәа аанызкало иранашьан аԥаратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи.