Урыстәылауаҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргылоз ахаҵа иԥшаара рылаҳәоуп

Аҟәа асасааирҭақәа руак аҟны урыстәылауаҩ иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит зыԥшаара рылаҳәоу ахаҵа. Ацәгьоура ҟазҵаз иҽиӡеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 1- Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәын иганахьала ашьауӷатә ус хацныркит, иара иԥшаара рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рзы Аҟәатәи аҟәшахьы Урыстәыла атәылауаҩ иҟынтәи арзаҳал нашьҭын. Агәаҭаратә материалқәа рыла амчратә усбарҭа аусзуҩцәа ишьақәдырӷәӷәеит, мшаԥы 26 рзы асасааирҭа "Гора Баграта" аҟны урыстәылауаҩи Аԥсны атәылауаҩ Дмитри Аргәыни рыбжьара аимак-аиҿак аҭыԥ шамаз.

Аргәын Урыстәыла атәылауаҩ иганахьала абџьар ахы ирхеит, акырӡа диқәмақарит, анаҩсан ажәҩанахь дхысит. Иазгәаҭоуп, абџьар закәаншьаҭада ишаахәоу, аныҟәгарагьы азин шимам. Урыстәылауаҩ аимак-аиҿак ашьҭахь асасааирҭа аанижьит.

Аргәын ахара идырҵоит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа рыла: "ауаҩы иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара", "закәаншьаҭада абџьар, абџьархәҭа, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа, арԥжәагақәа раахәара, рыҭара, рыҭира, рыҵәахра, рныҟәгара".