Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы

Аԥсуа жәлар рымзартә ныҳәарақәа рҿы иалкаау аҭыԥ аанызкыло Амшаԥныҳәа ақалақьи ақыҭеи рҿы разгәаҭашьақәак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуа, Sputnik

Амшаԥныҳәа аԥсуа жәлар рымзартә ныҳәарақәа рҿы иалкаау аҭыԥ ааннакылоит. Амшаԥныҳәа азгәаҭара аҭоурых ажәытәра иагәыларсоуп. Амшаԥныҳәа ду ациклтә қьабзқәа рыла еишьҭагылоуп уҳәар ауеит. Иара амш азгәаҭара ахаҭа аиаанӡа ԥыҭк шабжьоу аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит, иазыԥхьагәаҭоу ақьабзқәа ихымԥадатәны имҩаԥыргоит. Аха араҟа иазгәаҭатәуп ҳаамҭазы ақыҭеи ақалақьи рҟны арҭ ақьабзқәа рымҩаԥгара аиԥшымзаарақәа шырнубаало.

Иаҳҳәап: ақыҭаҿы инхо ари аныҳәа иазкны аишәа дыргылозар, ақалақьуаа аишәа ҟазҵо шыҟоугьы, ауахәамақәа ирҭаауеит, ацәашьқәа адыркуеит, Анцәа иашьапкуеит, аҩеиӡтә махәҭақәа ԥшьаны иааганы аҩны иҩнаргалоит.

Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы

Амшаԥныҳәа иатәу акәтаӷьқәа ақьырсиан динхаҵара ишаҳәо ала хәашала акәзар ианыршәуа, ақыҭараҿ инхо аиҳабацәа, макьанагьы рабацәа, рабдуцәа ишыҟарҵоз иаазго, асабшоуп акәтаӷьшәра ианамшу ҳәа ишыршьо.

Амшаԥныҳәа амҩаԥгара ақыҭеи ақалақьи рҿы аиԥшымзаара ахҟьоит ақыҭауааи ақалақьуааи рынхашәа аиԥшымзаара, рсоциалтә ҭагылазаашьа. Ақыҭақәа рҿы шамахамзар ҭаацәацыԥхьаӡа амшаԥныҳәазы шьтәак ршьуеит. Аԥшәма еиҳабы дзыхныҳәараны иҟоу амшаԥӡыс ҵлак ашьапаҿы, ма аандаҿы иҿеиҳәоит.

Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы

Аԥшәмаԥҳәыс лакәзар, аилаџь уны аҭаацәа акрырҿалҵоит. Анаҩс традициала ишаԥу еиԥш амшаԥӡыс дахныҳәаны ишьуеит. Хазы амшаԥҳаԥшьа змоу уи иахныҳәаны ихдыртлоит. Уи ашьҭахь аԥшәмаԥҳәыс аишәа лыргылоит зынарцәымҩа иқәлахьоу, аҩнаҭа иахьыԥшу рыхьӡала. Аишәа анышьҭырхлак ашьҭахь аҭаацәа нахатәоит, акәтаӷьқәа еинырҟьоит.

Амшаԥныҳәа аԥылара ақыҭеи ақалақьи рҿы

Ақалақьуаа аиҳарак арԥшӡарақәа иазгагоуп: аҩны арԥшӡара аныҳәа иақәшәо еиуеиԥшым адекоративтә маҭәахәқәа рыла, аныҳәатә чысқәа рыҟаҵара арԥшӡагақәа рыла иҩычаны, еилаарцыруа акәтаӷьқәа уҳәа. Ақалақь аҿы аиҳарак аҿар рҭаацәа ирҿыцны хазы ишынхо ала, араҟа аритуалтә қьабзқәа реишьҭагылара убом, ҩнаҭак аҟны иахьеицынхо, аиҳабацәа ахьыҟоу аҵасқәа иаҳа иазгәарҭоит.

"Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш шәҭәааит": амшаԥышәҭи акәтаӷьи

Амала иҳәатәуп, амшаԥныҳәа азгәаҭара амш азы ақалақь аҟынтәи аныҳәа азгәаҭаразы ақыҭарахь, зџьынџьқәа рахь ицо рхыԥхьаӡара шмаҷым. Иҟоуп аҩыџьарагьы иазгәазҭо – ақыҭаҿы – аҩын ду аҟны, иара убас ақалақь аҿы – ҭаацәашәала.

Ауаҩы инхашьа-нҵышьа аиҭакрақәа идоуҳатә ԥсҭазаарагьы ианыԥшуеит, урҭ ирыцуп ақьабзқәа ирыхҭысуа аҽыԥсахрақәа. Ус иҟоуп зехьынџьара, ус ишьақәгылоуп адунеи. Аха амилаҭқәа зегьы ирымоуп досу рхатә культура. Урҭ рқьабзқәеи ртрадициақәеи аԥсахрақәа рыхҭысуазаргьы, ргәыцә аанхоит, избанзар ауаҩы дызлиааз иԥсабара иашьашәаланы дынхоит, уи иҩнуҵҟатәи доуҳауп.

Аԥсуаа амшаԥныҳәазы "Ҽааныбзиала!" ҳәа еидныҳәалоит, "Амшаԥшара ҽаангьы ҳгәырӷьаҵәа ҳаԥылалааит!" рҳәоит. Амшаԥныҳәа зегьы иазгәарҭо аныҳәа дуқәа иреиуоуп. Ари аныҳәа хәыҷгьы-дугьы рҽазыҟарҵоит, иԥшьоу ҷыда ҟазшьак аҵоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: