Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса ԥшьымз рызтәи аплан еиҳахеит

2021 шықәса актәи аԥшьбарак азтәи аҳазалхратә шәарақәа рахыԥхьаӡаларазы иазԥхьагәаҭаз аплан нагӡоуп 113% рыла.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. 2021 шықәса раԥхьатәи ԥшьымз рызтәи аҳазлхратә шәарақәа ишьақәдыртәеит 719,0 миллион мааҭ планла иарбаз 615,2 миллион мааҭ рцынхәрас ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.

Убас ала, ҳазҭоу ашықәса ԥшьымз рзтәи аплантә рбага нагӡоуп 113% рыла.

Лаҵара 1 азтәи аҭагылазаашьала мшаԥымзазы иахыԥхьаӡалаз аҳазалхратә шәарақәа идыртәеит 221,0 миллион мааҭ, мшаԥымзазы аҳазалхратә шәарақәа рыла аплан нагӡоуп 127% рыла.

Уаанӡа адырра ҟарҵахьан актәи аԥшьбарак азы аплан ишарбаз 441,8 миллион мааҭ, убас ала, аҳазалхратә шәарақәа рахыԥхьаӡаларала актәи аԥшьбарак азы иартәеит 113%, иагьыҟалеит 498,1 миллион мааҭ.