Аԥснытәи ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа лаша азгәарҭоит

Хәажәкыра 15 инаркны иалагеит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара Ду. Иара 49 мшы иныҟәыргоит. Ачгара хыркәшоуп лаҵарамза 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2-Sputnik. Аԥснытәи ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа лаша азгәарҭоит.

Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи

Амшаԥныҳәа ауха Аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны 23:00 сааҭ рзы Анцәаимҵаныҳәара иалагеит. 24:00 рзы Ҳазшаз дхазҵо аџьартә ныҟәара мҩаԥыргеит, Анцәаимҵаныҳәара хыркәшан ашьыжь, 5:00 - 6:00 сааҭ рзы.

Анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.

Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәоуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.

Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: