Арадио

Анаплакҩы Аҩӡба: аҵыҵындра Аԥсны иаарыхны изҭиуа рус саԥырхагам, аконкуренциа ҟасҵом

Аҵыҵындра аазрыхуа анаплакҩы Баҭал Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атәыла анҭыҵ иаадрыхуа зегьы зырышьҭуа, убасгьы аҵыҵындра аарыхраҟны Аԥсны авасҩы дыҟам ҳәа зииԥхьаӡо, иара убас ашықәс иалагӡаны еиԥҟьарада уи аарыхразы игәҭакы атәы.
Sputnik

Аҳазалхратә еилакаҿы аилацәажәара мҩаԥыргеит мшаԥы 27 рзы. Шьҭарнахыс аҵыҵындра Ԥсоу ахыгара маншәалахароуп. Атауар аекспорт аан аҳазалхратә кәамаҵамақәа рырмариаразы аус адулан аамҭалатәи адекларациаҟаҵара ҳәа азгәаҭан аилацәажәараҟны. Сынтәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭиразы инашьҭхар алшоит зықь тонна инареиҳаны аҵыҵындра. Ҵыԥх Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыган 294 тонна. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхартә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов иҳәеит аамҭалатәи адекларациаҟаҵара аҳәааҿ агәаранқәа рыҟазаара шеиҵанатәуа, адекларациа зныктәи аҟаҵарала мызкы ахы-аҵыхәа атауар аҳәаа ахыгара шалнаршо. Урыстәылатәи аҳазалхырҭа азыхиоуп аҵыҵындра атауартә партиақәа аԥҟара ҿыцқәа рыла реиҿкаара ҳәа азгәеиҭеит иара.

Анаплакҩы Аҩӡба: аҵыҵындра Аԥсны иаарыхны изҭиуа рус саԥырхагам, аконкуренциа ҟасҵом

"Ари азҵаара ҵыԥх иҳазцәырҵит, аха иақәшаҳаҭны иҟамызт. Аамҭа иаҳнарбеит, уи еилкааны иазнеир акәхеит аԥсуагьы аурысгьы ҳазалхыҩцәа. Аамҭалатәи адекларациазы ирыдыркылаз аӡбамҭа даара иҳахәоит, избанзар мызкы ахы-аҵыхәа ианаҳҭаху аҵыҵындра ииаҳгар ҟалоит. Уи азы угәҭакы ҳәаны, аплан уҽақәыршәаны ииаугар ҟалоит атауар", - иҳәеит анаплакҩы Баҭал Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны.

Инеиҵыхны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: